Аԥсны АҶА аҿы еиҭарҳәеит Аԥсны аӡҭалара ахьшәарҭам

Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа есышықәса, атурист сезон алагамҭаз идрыцқьоит аплиажқәеи аӡыҵақәеи.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Аҽыкәабаразы ашәарҭара рыҵам Пицунда, Цандриԥшь, Очамчыра аплиажқәа рҟны, арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Аԥхын азҵаара: иҟалома ҳамшын аҿы аҽыкәабара?

Иара иажәақәа рыла Аҟәагьы иҟоуп амшынҵа ахьыцқьо, аӡҳәаарбагақәа ахьыхгыло аҭыԥқәа (асасааирҭа "Аиҭар" аплиаж).

Сабуа иҳәеит есышықәса аинспекциа аусзуҩцәа Очамчыра инаркны Ԥсоунӡа амшынҵа шыдрыцқьо. Сынтәатәи аусурақәа хыркәшам Гәылрыԥшь араион, Гәдоуҭа, Афон ҿыц рҿы аԥаразоужьра ахьазымхо азы.

Аҟазауаҩ иҳәеит еиҳа ишәарҭоу аҭыԥқәа ишрыҵаркуа ашьхаӡиасқәа амшын иахьалало аҭыԥқәа.

"Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ргәы рҽанаҳҵеит арҭ аҭыԥқәа рҿы адыргақәа дыргылаларц. Иаҳҳәап Аҟәа аӡҭалара шәарҭоуп Алашарбага араион аҿы Гәымсҭа амшын иахьалало, Кьылашәыр амшын иахьалало. Уаанӡа ара адыргақәа гылан, аха уажәы акы амшын иагеит, егьи кьынааны игылоуп", - иҳәеит иара.

Ишәарҭоу аҭыԥқәа ыҟоуп Гагра араион аҿы иҳәеит Сабуа – уа ацәқәырԥеиҩсагақәа шамахамзар аӡы ихнаҩоит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥачлиа Очамчыра аӡҳәаарбагақәа рышьақәыргылара иазкны

Адыргақәа рыҟамзаара ашәарҭарақәа анырхылҿиаауа ыҟоуп ҳәа иҳәеит Сабуа.

Урыстәылатәи атуристцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа аҭагылазаашьа шәарҭарақәа ирықәшәахьеит. Убас, рашәара 17 азы Гагры дӡааҟәрылеит Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Нестеров.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәеи иахьанӡагьы лыԥшаара иаҿуп рашәара 6 азы аӡиас Иаӷьа ацҳаҟынтә аӡы иалаҳаз атуристка.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа рашәара 22 азы амшын агәахьы ихараны иӡсаз аԥсшьаҩы, ашхәа ала инеины деиқәдырхеит.

Атурист аҽыкәабара игәы иахьҭаз ишәарҭоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп.

Иара убри амш азы Аҟәа аҟәарахьы аӡы дхықәнажьлеит зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа.