Арежиссиортә лабораториа "Сандро" аҟны ахәаԥшцәа иалыркааз атәы рҳәеит

Рашәара 21 азы РУСДРАМ асценаҿы идырбан Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Сандро Чагьамтәи" иалху аескизқәа ԥшьба.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Апрофессионалтә аӡбаҩцәеи, аекспертцәеи, ахәаԥшцәеи рыбжьы еиҳарак иарҭеит Антон Корнилов иқәыргыламҭа аескиз "Ҳабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь". Абри атәы аанацҳауеит атеатр асаит.

Аескиз иалахәын: Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа, Кирилл Шишкин, Аманда Кәарцхьиаԥҳа, Марина Сиҷинааԥҳа, Кирилл Клименко, Саид Лазба.

Рашәара 21 азы РУСДРАМ асценаҿы идырбан Искандер ирҿиамҭа "Сандро Чагьамтәи" иалху аескизқәа ԥшьба.

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС) Антон Кириллов (Шьукинтәи аҵараиурҭа).

Атеатри арежиссиор Антон Корнилови аицәажәара рымоуп аиааира згаз аескиз шьаҭас иҟаҵаны аспектакль нагӡа 2022 шықәсазы ақәыргыларазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: