Урыстәылатәи амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи рҽазыҟарҵоит

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа рыҟәша аррамаҵзурауаа амобилҳарак гәыԥқәа ирылахәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аҵакыраҿы "аӷа" аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҿы. Арра-ҳаиртә мчрақәа аԥшьбатәи ар авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор" рекипажқәеи Аладатәи аокруг амотохысцәеи атактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит еиуеиԥшым арелиефтә ҭыԥқәа рҿы.

Амобилҳарак гәыԥқәа аҭахуп иарбоу араионқәа рахь ҳауала ар рымҩангаразы. Арҭ арҟәшақәа афронт аҿи атыл аҿи еиҭаҵлар рылшоит авертолиотқәа рхархәарала.