ВОЗ ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵараз уаанӡатәи абжьгарақәа аҿыцрақәа рыланагалеит

Хара имгакәа Урыстәыла ирылагараны иҟоуп алаҵа "Спутник V" ахәыҷқәа рзыҟаҵаразы аҭҵаарақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз Адунеизегьтәи аеиҿкаара раԥхьаӡа акәны иазханаҵеит ахәыҷқәагьы акоронавирус аҟынтә алаҵа рзыҟаҵара шалшо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ВОЗ асаит аҟны акьыԥхьымҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Адокумент аҟынтә еилкаауп ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵара еиҳа ирԥсыҽхоит дара COVID-19 злаҽуа ргәыԥ иаҵанамкуазар ҳәа. Аԥыжәара зҭатәны ирыԥхьаӡо абыргцәеи агәабзиарахьчара аусхк иаҵанакуа ауааи роуп.

Ҟәыбина атәылауаа ркатегориақәак алаҵаҟаҵара рыдырҵеит

ВОЗ аҿы иазгәарҭоит COVID-19 ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи еиҳа имарианы ирхыргоит ҳәа.

Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр адокументқәа аланагалахьан "Спутник V" ахәыҷқәа рзы ахархәара аҭҵааразы. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхаразы Урыстәыла арегионқәак рҿы антиковидтә уснагӡатәқәа алагалоуп, хаз игоу усхкқәак русзуҩцәа рызгьы алаҵаҟаҵара хымԥадатәхоит.

Аԥсынгьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп.

Аԥхынра анҵәамҭазы Урыстәыла иазԥхьагәаҭоуп 60-70 процент ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара.