Абзиараз ахәыҷра: аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны

Sputnik

Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 25 рзы, ари амш мызкы иахыгахеит атәылаҿы иалагалаз акоронавирустә ԥкрақәа рымшала аҵарашықәс аҿҳәарақәа ахьеиҭакхаз иахҟьаны.

2021 шықәсазы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ иалгеит 1975-ҩык ашколхәыҷқәа, урҭ рахьынтә ааҩык ахьтәы медал заурц зылшо роуп, аӡәы араӡны.

Ашколқәа рҟны имҩаԥган ацәаҳәақәгылара, традициатәла аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа аушьҭымҭацәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рзы ажәа ԥхақәа рҳәеит, иранаршьеит аҳамҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 13
Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 25 рзы.
2 / 13
Имҩаԥган агәырӷьаратә цәаҳәа.
3 / 13
Аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа "Анбан" абзиараз ҳәа арҳәеит.
4 / 13
Аныҳәатә программа ахгара акырӡа иуадаҩуп.
5 / 13
Аушьҭымҭацәа ишәаҳәеит икәашеит.
6 / 13
аԥышәарақәеи аԥсшьара аамҭеи раԥхьаҟа ирзыԥшуп.
7 / 13
Аныҳәатә программа иалахәын хәыҷи-дуи
8 / 13
Аҩбатәи акласс ахь ицаз аҵаҩы игәалаҟазаара ҽеим узыҳәом.
9 / 13
Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 25 рзы, ари амш мызкы иахыгахеит атәылаҿы иалагалаз акоронавирустә ԥкрақәа рымшала аҵарашықәс аҿҳәарақәа ахьеиҭакхаз иахҟьаны.
10 / 13
2021 шықәсазы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ иалгеит 1975-ҩык ашколхәыҷқәа
11 / 13
аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа аушьҭымҭацәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рзы ажәа ԥхақәа рҳәеит, иранаршьеит аҳамҭақәа.
12 / 13
Ашколқәа рҿы ииз аиҩызара иреиӷьу гәалашәарахоит.
13 / 13
Арҵаҩцәа мҩамш ҳәа рарҳәоит жәеиза шықәса аҵара здырҵоз роушьҭымҭацәа.