00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Посредник
Соцподдержка детей и семей Абхазии: патронатные семья
14:21
25 мин
Актуальный комментарий
Реализация программы по созданию системы единой базы данных
14:46
11 мин
Такие обстоятельства
Поддержка школ Абхазии: проекты "Фирон"
14:57
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аслан Бжьаниа Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследний звонок в сухумских школах
Последний звонок в сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 25 рзы, ари амш мызкы иахыгахеит атәылаҿы иалагалаз акоронавирустә ԥкрақәа рымшала аҵарашықәс аҿҳәарақәа ахьеиҭакхаз иахҟьаны.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит ашкол аҿы рҵара ахьыхдыркәшаз инамаданы, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацəа! Иахьа Аԥсны ашколқәа рыҟны игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аԥсҭазаара ҿыц, аԥсҭазаара ду иалагамҭаны. Шəаԥхьаҟа ишьҭоуп шəҵара-дырра аизырҳара, еиуеиҧшым азанааҭқəа рыла шәышьақəгылара иазку, акыр аҭакԥхықəра зцу аусқəа. Аҵыхəтəантəи аҵəҵəабжьы хашҭра зқəым насыԥла иҭәу шəышколтə ԥсҭазаара иасимволны шəгəалашəара лашаҿы инхааит!" - ҳәа аҳәоит адныҳәалара.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны ишаҭаху иахьатәи аамҭа иақәшәо адырра ҿыцқәа, азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа.

"Сара агәра згоит зқьыла аԥсҭазаарақәа зыхҭынҵоу шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа ишәыду аҭакԥхықәра бзиаӡаны ишеилышәкаауа, уаҵәы уи аԥеиԥш знапы иану, иаԥсоу абиԥараны шәышнаҵагыло! Шьапымшла еихыжәгааит аԥсҭазаара ҿыц ахь шәшьаҿа! Инаӡахааит шәыгәҭакқәа!" - ҳәа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит атәыла ахада.

Иара убас иара ирзеиӷьеишьеит агəабзиара, рхықəкқəа рынагӡараҟны аихьӡарақəа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0