Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр абахҭа аныргылахои уи ахәԥсеи ртәы иҳәеит

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар еиҭеиҳәеит Аԥсны абахҭа аргыларазы Урыстәылеи дареи реилацәажәарақәа ахьынӡанеихьоу.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы идыргылараны иҟоу абахҭа ҿыц ҩ-миллиардк, ҩ-миллиардки бжаки иштәо, аргылара 2-3 шықәса шаго.

Дбар иажәақәа рыла, ари азҵаара даара иазхәыцуп, даҽа бахҭак аргылара шзалымшо азыԥхьагәаҭаны.

Дбар иҳәеит ари абахҭаҿы аиашара амҩа иқәлар зҭахуи арецедивистцәеи шеихыршо.

"Аиҳабырабжьаратә комиссиа ҩынтә иаахьеит. Хаҭала сырԥылеит. Абахҭа апроект аҿаҵоуп. Ҳара иаҳҳәеит иаҳҭаху абахҭа зеиԥшрахаша: аиашара амҩа иқәлар зҭахуи арецедивистцәеи хаз-хазы иҟазар шакәу. Дара еиҟәыгатәуп, избанзар ацәгьоуцәа дуқәа ирԥыргатәуп зумҭа иахьхәыз, аиҭакрақәа рымҩа ианылар зҭаху", - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьазы уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳамам, ишьақәгылашагьы акриминалтә еилазаара ирылашәоит ҳәа иҳәоит аминистр.

Ацәгьоуцәа ӷәӷәақәа дрылацәажәо, Дмитри Дбар иҳәеит урҭ ирықәҵоу азыӡба иагмырхакәа ирхыргароуп ҳәа.

Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

"15-20 шықәса зықәҵоу ауаҩы 5-8 шықәса заҵәык бахҭала ианихиго ҟалоит. Ауаа иҟарҵаз ацәгьоура иақәнагоу ахьырхәра иақәшәароуп. Ацәгьоура ду ҟазҵаз иумҭа иаҟароу ақәнага данақәдыршәалак ауп данхәыцуа, даҽазныкгьы уи амҩа данықәымло", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ААР абџьар аныҟәгаразы ахарахаҵара рыӷәӷәатәуп ҳәа иҟанаҵаз ажәалагалазы аминистр иазгәеиҭеит закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара иацәымшәо шырацәоу, избанзар атәыла иалымҵырц анапынҵара ашьҭахь рхы иақәиҭыртәуеит. Ауаҩы ари азакәанеилагаразы иқәнагаҵәҟьа дшақәшәо анидыруа акриминогентә ҭагылазаашьа еиӷьхоит ҳәа иҳәоит аминистр.