Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жваниаԥҳа Аҷандара ачаӡырҭа аусушьа атәы

35 шықәса раахижьҭеи Аҷандара аус ауеит Џьниаа рҭаацәа рчаӡырҭа. Аҩнаҭа аҭаца Алина Жваниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачаӡырҭа аус шауа, ҽнак шаҟа аалыҵ ҭрыжьуа.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жваниаԥҳа Аҷандара ачаӡырҭа аусушьа атәы

"…Амҽыша аԥсшьара ҳамоуп, егьыс ес-ҽны аус ҳуеит. Ҽнак 150 чахы ҭҳажьуеит, ҩааҵәак ачашыла цоит, ҳча кьылак иҟоуп. Ҳгәылацәа Абӷархықәаа иаархәоит, Гәдоуҭаа изго ыҟоуп, аԥсрақәа раан аҿаҵатәы анҳарҭо ыҟоуп, ҳаргьы ҳмаашьакәа аус ҳуеит. Аԥхын иаҳа ирацәаны ицоит ача, аԥсшьаҩцәагьы иаархәоит, аха еиҳарак ақыҭауаа рзоуп изаҳӡо. Иазгәасҭар сҭахуп, аҭаацәа рацәа, ма амчымхара ахьыҟоу 17 ҭаацәара есҽны ҩба-ҩба чахы раҳҭоит Гиви Маџьыҭ-иԥа Чамагәуа ибзоурала. Иара ашықәсан ишәоит урҭ 17 ҭаацәара ирго ача ахә. Ақыҭа дацхраауеит, иҟаиҵо азы даргьы иарҳәозар ҟалап, аха сара ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп", - лҳәеит Жваниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: