Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба еиҭеиҳәеит Аҷандара ақыҭа инхо иаҳа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа ахада Мурадин Аџьба арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи ақыҭа абзазашьа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аџьба Аҷандараа рыбзазашьа иазкны

"Аамҭала ақыҭаҟны 400-450 ҭӡы нхон, аха аибашьра ашьҭахь, уи аԥхьагьы аӡәаӡәала иқәҵқәаз ҟалеит, иахьазы зыҩнаҭақәа ирху ҳәа 280- 300 ҭӡы рҟынӡа ыҟоуп. Ҳқыҭаҟны ауаа ажәытәынгьы иахьагьы аџьықәреи аарыхра, ауҭраҭых рнапы алакуп, рымч зықәхо ҟарҵоит, инхацәоуп. Ауаҩы дныҟәызго аиҿкаарақәа зегьы цәгьагәышьоуп, аха хар ҳамам. Ақыҭа иахьала 80-85 процент рҟынӡа ӡыла еиқәыршәоуп. Амҩақәа рганахьала ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аӡы, амҩақәа уҳәа ирыхҟьаны ақыҭа аанрыжьыр акәхеит иахьа иҭацәу аҩнаҭақәа рыԥшәмацәа. Иҟоуп иахьа хәыҷы-хәыҷла ақыҭахь иааны арҿыцрақәа ирҿугьы, аандак ҟазҵо. Сынтәа иаҳа угәы иаахәаратәы иҟоуп, ҵыԥх аасҭа акыр инеиҳаны анхамҩа рнапы адкыланы аусура иаҿуп ауаа", - иҳәеит Аџьба.

Аҷандара ԥасатәи ахада Витали Џьениа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьениа еиҭеиҳәеит Аҷандара ақыҭа ахьӡ ахьынтәиаауа

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥхын аԥсшьаҩцәа зҭаауа аҭыԥ ԥшӡарақәа шыҟоу ақыҭа инахыкны.

Аҷандара ақыҭа ахада ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгыло иҳәеит иаҳа илаҟәу афымцамҩангагатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа "угәы унархьыртә" иҟоуп ҳәа.

"Иахьа алашара ауаа иаҳа рхы иадырхәоит. Ҩажәаҩык ирыхәҭоу ԥшьынҩажәаҩык атрансформатор аҟынтәи ироуеит, ауаа рырхьшәашәагақәа абылуеит, ателербагақәа. Агәыӷра ҳамоуп хәыҷык аҭышәынтәаларақәа ҟалар, уи азҵаараҟны ахылаԥшра ҳарҭап ҳәа. Абгархықәи Аҷандареи ҳамҩаҟны аҳәаа ахьыҟоу уажәшьҭа ҩышықәса раахыс адгьыл аӡы иашәан, даара ишәарҭаны иҟоуп, амашьынаныҟәцаҩцәа илеиуеи ихалои еибамбо, амашәырқәа ҩынтәы-хынтәы ирхыԥахьеит", - иҳәеит Аџьба.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0