Ҟәыбинатәи аотельқәа рахь ирыдыркыло алаҵа ма ПЦР-тест азы ашәҟәы рымазароуп

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыудаҩхаз инадҳәаланы Ҟәыбина иахьаҵанакуа атәылауаа ркатегориақәак хымԥада алаҵа ҟарҵароуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәеи асасааирҭақәеи рахь анеиразы ԥхынгәы 1 инаркны иаҭахуп иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент. Нанҳәа 1 инаркны асасцәа рыдыркылалоит алаҵа шрымоу азы асертификат рымазар ҳәа иҳәеит арегион агубернатор Вениамин Кондратьев.

Ҟәыбина атәылауаа ркатегориақәак алаҵаҟаҵара рыдырҵеит

"Уажәы зегьы ирбарҭоуп COVID-19 аҽшарцәгьаз, ахәышәтәырҭақәа ирҭоу ауаа рацәаҩхеит", - ҳәа иҩуеит Кондратьев Telegram аҿы.

"Убри инадҳәаланы иҳаӡбеит ԥхынгәы 1 инаркны аотельқәа, асасааирҭақәа, апансионатқәа, асанаториақәа, ахәыҷқәа рзы алагерқәа рахь адкылара аан иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент рымазарц", - ҳәа иҩуеит иара.

Атәылаҿацә агубернатор иҳәеит нанҳәа 1 инаркны антиковидтә уснагӡатәқәа еиҳагьы ишырӷәӷәахо.

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара инадҳәаланы Ҟәыбина иахьаҵанакуа атәылауаа ркатегориақәак хымԥада алаҵа ҟарҵароуп.