АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. "Акурорт Пицунда" адгьылҵакыраҿы изызҳауа афиниктә пальмақәа ахәаҷамаҷақәа рацәыхьчаразы ирыхәшәтәит, абри атәы лҳәеит аландшафтә дизаин Вероника Леиба.
"Ҳара уажәшьҭа ԥшьышықәсоуп апальма бжқәа рҟынтәи ахәшәтәра ҳаҿуижьҭеи, араҟа ирызҳауеит 23 шьапы афиникатә пальмақәа. Гагра иаҿырԥшны Пицунда ҳгозар, араҟа макьаназ ари ахәаҷа ҳԥымлаӡацт. Иара убас Пицунда иазҳауеит ф-шьапык трахикарпус, аха урҭ ахәшәтәра рзаҳуӡом",- лҳәеит лара.
Леиба лажәақәа рыла, арҭ аҩ-пальма хкык ирԥырхагоу хәаҷа хкқәа апальма бжи ахьычԥаԥыри, "Акурорт Пицунда" иҟаӡам.
Апальмаҵлақәа злархәышәтәуа аинсектицидқәа хәыда-ԥсада Аекологиазы аҳәынҭеилакы ирырҭоит. Аусурақәа зегьы мҩаԥысуеит аусбараҭа аҟазауаа
рақәшаҳаҭрала.
Ааԥын инаркны ҭагаланӡа мызкы ахьынтәи знык аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аԥсны иҟоу адекоративтә ҵлақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи рыхәшәтәра иалагеит лаҵарамзазы.
Апальма хызшьаауа ахәаҷа рыԥшааит Аԥсны 2016 шықәса рзы. Уи анырба ашьҭахь ичмазаҩхаз апальмақәа анырԥхьаӡа, 2500 рҟынӡа инаӡеит. Апальмақәа рыхәышәтәра иалагеит 2018 шықәса жьҭаара 30 рзы. Апальма бжи алада америкатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҵәеит, Гагра – 20.
Апальма хызшьаауа ахәаҷақәа злоу аҵлақәа еиқәурхар ҟалоит иҷыдоу аинсектицидқәа рықәҭәазар.