"Ҳаиԥылараҿы 15-ҩык инареиҳаны ауаа ықәгылеит аполитика аганахьала аԥышәа змоу. Иахьа ҳаԥхьа ишьҭоу аус - Апарламент ахь иреиӷьу, зыгәра ҳго ауаа ралхра, рнагара проблеманы иҟоуп, иӡбаӡам. Азакәан уахьахәаԥшуа ицәгьаӡам, адемократиа ҳасаб азуны ибзианы иудукылартә иҟоуп, аха алхрақәа раан иреиӷьу ракәӡам Апарламент ахь инеиуа. Иаҳа-иаҳа иԥсыҽхалар Апарламент ааԥхьарақәа, ҳәарас иаҭахузеи, уи ҳҳәынҭқарра даара иаԥырхагахоит… Азакәан аԥсахра лҵшәа амаӡам, избанзар иара алхра аҟынӡагьы шықәсык еиҵаны иаанхеит. Проблеманы иҟоу - ауаа раахәара иалагеит, аԥара аус ауеит… Ҳажәлар даара иаԥсаҟьоит… Аполитикатә партиақәа панацеиаӡам, зегьы рыӡбо иҟам. Уи аан ажәлар рполитикатә культура даара идузароуп. Аполитикатә партиақәа рыла алхра ҳахәоит ҳәа ҳзықәгәыӷуа уигьы ҳмыхәар ҟалоит. Зегьы иреиӷьу ҳәа избо, ажәлар даара еицәажәароуп, ирыӡбароуп", - иҳәеит Ԥлиа.
Иара иазгәеиҭеит аквотала асистема алшара атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵахоит ареспубликаҿ