Урыстәыла атәылауаҩ хәышықәса аҭакра иқәырҵеит Аԥсныҟа анаркотикқәа ахьалеигалоз

Ацәгьоуҩы Аԥсныҟа мефедрон алагалара игәҭакын. Аӡбарҭаҿы иара иҟаиҵаз ацәгьоура дақәшаҳаҭхеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭа урыстәылауаҩ арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада иахьымҩаԥигоз азы иуыс рыӡбеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны атәылауаҩ анаркотикқәа рконтрабандаз иус ӡбоуп

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысраан дааныркылеит аҳәаанырцәуаҩ. Иара идбалан акасыш еиқәаҵәала иҿаҳәаз аилаҳәара. Аексперттә ҭҵаара алкаақәа рыла аилаҳәара илаҳәаз арҩашьыгатә маҭәашьар – мефедрон (4-метилметкатинон) акәын. Иааныркылаз ахаҵа ахара шихароу иҳәеит.

Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 228 актәи ахәҭа (анаркотикатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, рымҩангара), Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 229.1 аҩбатәи ахәҭа (хыԥхьаӡара рацәала анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда) иазыԥхьагәарҭо ацәгьоуразы Адлертәи араионтә ӡбарҭа ахарадҵатә зыӡба рыланаҳәеит.

Иара иқәҵоуп хәышықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ихыгаразы.

Аусҭҵаараан ишьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа ирнырԥшны иара иқәҵоуп хәышықәсеи мызки ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ихыгаразы.

Ашьауӷа азинмчра аиуит.