Аҟәа абжеиҳарак аӡрыжәтә аанкылахоит аҩаша рашәара 29 рзы

Аԥсны аҳҭнықалақь абжеиҳарак ӡрыжәтәда иаанхоит мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аӡымҩангагаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырго азы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аҟәа араионқәа жәпакы ӡрыжәтәда иаанхоит аҩаша рашәара 29 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.

Аҟәатәи "Аӡыканал" ишаанацҳауа ала, аӡы аанкылахоит Кьараз амҩеи Гәымсҭатәи амҩе рҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны.

Аӡрыжәтә ҟалаӡом асааҭ 00:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, авокзал араион, Адыгеиаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, иара убас аџьармыкьеи Алашарбага аҳаблеи.

"Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауааԥсыра ирызцәырнагаз ауадаҩрақәа рзы.