"Аӡыканал" иазыԥхьагәаҭаз аусурақәа ааннакылеит амшцәгьа иахҟьаны

Иахьатәи аӡеиԥҟьара ақалақь аҿы уаанӡа иазԥхьагәаҭаз аремонттә усурақәа ирыдҳәалаӡам.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. "Аӡыканал" рашәара 29 азы Кьаразаа рымҩаҿы иазԥхьагәанаҭаз аусурақәа ааннакылеит амшцәгьа иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.

Иазгәаҭоуп аӡаанкылара зыхҟьаз афымцацәаҳәақәа рҿы авариа ахьыҟалаз шакәу. Хара имгакәа ауаа аӡы рзынашьҭхоит.

Иаанкылаз аусурақәа рымҩаԥгара атәы хазы ирылаҳәахоит.