Хҩык атуристцәа акоронавирус рыманы ахәышәтәырҭа иҭоуп

Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит ареспубликаҿы акоронавирус аҽшарҭбаауа, Аоперативтә штаб, Апарламент адепутатцәа, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵоит антиковидтә уснагӡатәқәа рыӷәӷәазарц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Хҩык атуристцәа акоронавирус рыманы ахәышәтәырҭа иҭоуп ҳәа иҳәеит Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа Агәабзиарахьчара аминистрра имҩаԥнагаз апресс-конференциаҿ.

Гәниа иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа иадҵаало атуристцәа рхыԥхьаӡара ҳаракуп.

Уажәазы Аԥсны акоронавирус азы аԥкрақәа рыӷәӷәам, атәыла алалараан ПЦР-тестқәа ма алаҵазы аршаҳаҭгақәа аҭахым.

Аԥсны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 17 нызқь иахысхьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 240–ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: