Анқәаб "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу абиуџьеттә еиҿкаарақәа дрылацәажәеит

Аԥсны афымцалашара ахархәара киловатт-сааҭк азы 40 копеи иаԥсоуп. Ареспублика аекономика аминистрра анапынҵа аҭоуп мчыбжьык аҩныҵҟа ауалқәа "еилнаргарц".
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абиуџьеттә еиҿкааарқәа "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа 93 миллион мааҭ рҟынӡа ауал рықәуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы рашәара 30 азы.

"Ауааԥсыреи аиурист хаҿқәеи афымцалашара ахә ахышәшәаароуп ҳәа раҳамҳәои. Нас ҳара ҳусбарҭақәа изырымшәаларызеи? Ари ҭакԥхықәрадароу аԥара амамзаароу? "Амшынеиқәафымцамч" арҭ аԥарақәа рыла заҟа хкы аанахәарыз", - иҳәеит аԥыза -министр.

Александр Анқәаб аусбарҭақәа руалқәа шаҟа ыҟоу атәы иҳәеит:

АУН "Аҟәатәи аӡыканал"18 896 000 м
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараз Аусбарҭа3 000 000 м
Атәылахьчара аминистрра107 000 м
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы170 000 м
Аԥсны Абанк131 000 м
Апрокуратура хада124 000 м
Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура116 000 м
Агәабзиарахьчара аминистрра108 000 м
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра45 000 м
Аспорт азы Аҳәынҭеилакы39 000 м
Аҟәа араион ахадара38 000 м
Аминистрцәа реилазаара30 000 м

Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп ауалқәа анеизаз аамҭеи, урҭ рзы аҭакԥхықәра здуи арбаны адокумент аздырхиарц.