Аԥсны абџьари аџьаԥҳани рыла ахәаахәҭра азин ҷыда аҭараз Аԥҟара рыдыркылеит

Абџьар аныҟәгаразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц азакәан апроект аус адулан, Аԥсны аиҳабырагьы ирыдгалан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы абџьари аџьаԥҳани рыла ахәаахәҭреи, аграждантәи, аспорттәи абџьар аахәаразы азин ҷыда абланкқәа рформеи рзы Аԥҟара рыдыркылеит ҳәа аалыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.

Абџьар аныҟәгаразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц азакәан апроект ахада идгалоуп

Агәабзиарахьчара аминистрра анапы ианҵоуп ахаҿы алицензиа иоура иаԥырхаганы иҟоу ачымазарақәа реиқәыԥхьаӡа азырхиара.

2012 шықәса хәажәкыра 7 аахыстәи Аԥсны аҵакыраҿы хаз иго усурақәак азин ҷыда рзыҟаҵараз Аминистрцәа реилазаара Аԥҟара инақәыршәаны абџьар, иара ахәҭақәа, ахқәа рыҭиразы азин ҷыда мҩаԥнагоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Уаанӡа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ахада Аслан Бжьаниа ахәаԥшразы изынаишьҭит Ашьауӷатәи Ашьауӷа-процессуалтә закәанеидкылеи аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект – закәаншьаҭада абџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәацга маҭәахәқәа раахәара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара азы аҭакԥхықәра еиҳа изырӷәӷәо.