Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 248-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 414-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 146-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik.  Аԥсны акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Рашәара 29 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирустә инфекциа ҿыц зцәа иалаз 91, 89, 65 шықәса зхыҵуаз апациенткацәа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 83-ҩык, урҭ рахьтә 88-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 27-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 28-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17343-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15490-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 248-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>