Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны акурортқәа ԥхынгәы-нанҳәа рзы рыҭәра атәы иалацәажәеит

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы аԥкырацҵақәа ирхырҟьаны Урыстәыла атәылауаа Аԥсны аԥсшьара рҭаххара аинтерес иацлеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Ԥхынгәы-нанҳәа амзақәа рзы Аԥсны, Ҟрым, Ҭырқәтәыла ркурортқәа 80-90% рыла иҭәуеит, абри атәы лҳәоит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе ателеканал РБК аинтервиу аҭо.

Аԥсныҟа атурқәа зҭаху рацәаҩхеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иалагалоу аԥкрақәа ирхырҟьаны

Лара иазгәалҭоит арҭ ах-хырхарҭак рахь апутиовкақәа аахәоуп, урҭ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы аԥкырацҵақәа ирхырҟьаны атуристцәа рзы ихадоу хырхарҭаны иахьыҟалаз азы ҳәа.

"Проблеман иҟоу арҭ амзақәа рзы аҭыԥ бзиақәа зегьы заанаҵы иаахәоуп. Аҭәра 80-90% инаӡоит. Иаанхаз 10-20% Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥсшьара зыгәҭакыз, аха Аԥсны, Ҟрым, Ҭырқәтәыла ркурортқәа алызхыз ракәхоит", - лҳәеит лара.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ԥхынгәы 1 инаркны акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы аԥкырацҵақәа алагалахоит. ПЦР-тест ма алаҵа шрымоу азы асертификат ада аотельқәа, апансионатқәа, асанаториақәа рҟны аангылара ҟалом. Нанҳәа 1 инаркны – алаҵазы асертификат хымԥадоуп, ПЦР-тест аҭаххом.