Аҟәа ақалақь ахәҭақәак рҿы аӡрыжәтә ҟалаӡом ԥхынгәы 2 азы

Аԥсны аҳҭнықалақь абжеиҳарак ӡрыжәтәда иаанхоит Кьаразаа рымҩа 10/17, Гәымсҭа рҟны аӡымҩангагаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырго азы ԥхынгәы 2 аҽны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аӡрыжәтә ҟалаӡом ԥхынгәы 2 асааҭ 00:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Аҟәа ақалақь ахәҭак аҿы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал".

Аӡы ҟалаӡом Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, авокзал араион, Адыгеиаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, иара убас аџьармыкьеи Алашарбага аҳаблеи.

Аҟәатәи "Аӡыканал" ишаанацҳауа ала, аӡы аанкылахоит Кьараз, Гәымсҭеи рымҩақәа рҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны.

"Аӡыканал" абри азы аҭамзаара шьҭанаҵоит.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьаз ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.