Аԥсны Апарламент аӡбараҭқәа рҿы АСИС асистема алагалара аҿҳәара инахеит

2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система аиҭакрақәа еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент аӡбарҭақәа рцифратә система аиҭарҿыцра аҿҳәара ахәҭак инахеит 2022 шықәса ажьырныҳәамза 1 аҟынӡа.

Апарламент ақәҵара инақәыршәаны ажьырныҳәа 1 2022 шықәса нахыс АСИС алагалахоит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьии асахьаҭаҩратәи атехника ахархәарада.

2022 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны аусура иаларгахоит:

  • Аԥсны Арбитражтәи Аконституциатәи ӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-информациатә система;
  • азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьии асахьаҭаҩратәи  атехника ахархәара.

2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система аиҭакрақәа раан еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система. Аха иара алагалара акырынтә иахыргахьан.