Атәылауаҩи аиҳабыреи: Занҭариа аказначеитә усбарҭа аусура иазкны
© Sputnik
Иахьа аказначеитә усбарҭа 5 шықәса ахыҵит.
Инал Занҭариа ихаҭа шықәсык ҵуеит аусбарҭаҿы аус иуеижьҭеи, иажәақәа рыла, аусбараҭа аҟәшақәа ф-раионк рҿы иҟоуп, 45 -ҩык аусзуҩцәа аҵанакуеит, зегьы аимадара рыбжьоуп.
"Аԥхьазы ҳаргьы иаҳцәыцәгьан аусура. Иҳаздыруамызт асистема аус шауаз, иҟаҵатәыз, ишацныҟәатәыз. Аҳасабеиларгаҩцәа ҿыц идырбатәхеит аусушьа. Ҳаилызымкааузгьы ыҟан, аха ҳаилызкааз иаҳа ирацәахеит. Уажәнатә игәауҭар ҟалоит аказначеитә усбарҭа лҵшәас иамоу. Абиуџьет аԥарақәа рымҩаԥгара ацқьара, иара издызкылогьы русура ацқьара, аныхра уҳәа, зегьы ахьцо иахьаауа ҳара иаҳбарҭоуп", - еиҭеиҳәеит Занҭариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.