Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17488-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15490-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 249-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 431 ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 145-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рашәара 30 рзы иԥсҭазаара далҵит 1952 шықәса рзы ииз апациент.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 87-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 27-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 31-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>