Урыстәыла аимадаҩцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны

Ашьхаратә полигон Ҵабал имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 300-ҩык Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, 40 ак арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ аимадара аҟәша Аԥсны иҟоу аррамаҵзурауаа ашьхаратә полигон Ҵабал имҩаԥыргеит аҽазыҟаҵара ҷыдақәа ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа аусура иаздырхиеит еиҭаҵуа адәынтәи аимадаратә пункт аимадаратә ҳа амашьынақәа.

Адәынтәи аҭагылазаашьақәа рыла еиҿкаан еиԥымҟьо аимадарақәа акомандаҟаҵаратә штабқәеи дареи рыбжьара. Аимадаҩцәа ацәаҳәақәа шьҭарҵеит ашьхақәа, аӡышьҭрақәа ирхыганы, ахархәара рырҭеит аретранслиациатә антенна ҷыдақәа, 32-метра иҟоу антеннатә мачтагьы абрахь иналаҵаны.

Ашьхаратә полигон Ҵабал имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 300-ҩык Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, 40 ак арратә техника, арадиоеимадаратә станциа "Артек" (БТР-80), аспутниктә еимадара "Ливень" (автомашьына Урал), арадиоеимадара "Л1" ("КамАЗ") абрахь иналаҵаны.