АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. 2021 шықәса актәи азыбжазы аҳазалхратә усбарҭақәа рҟынтәи абиуџьет иахыԥхьаӡалоуп миллиардки 183,3 миллион мааҭи аԥара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Ашықәс актәи ахәҭа аплантә рбага 126% рыла инагӡоуп, ишьақәнартәоит 938,5 миллион мааҭ.
2020 шықәса иара убри аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәатәи ашәарақәа 369,0 миллион рыла еиҳахеит, 2019 шықәса иаҿурԥшуазар – 405 миллион мааҭ.