АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Мадина Бигәааԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа, ԥхынгәы 1 азы Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҿы.
"Ацәыргақәҵа еиднакылоит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа аус зыдулаз ҩажәижәаба рҟынӡа акерамикатәи аграфикатәи аусумҭақәа. Асахьа аҭыхразы аамҭа сҭахуп, снадыххыланы акәымкәа", - лҳәеит Бигәааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҿы ахәаԥшцәа ирбар рылшоит Мадина Бигәааԥҳа еиуеиԥшым атехникала иналыгӡаз аусумҭақәа.
"Аиҳарак традициатә техникоуп схы иасырхәо. Аусумҭақәа тематикала еиуеиԥшым. Иҟоуп ҳакәша-мыкәша иҟаҵәҟьоу аазырԥшуа, иҟоуп абстракциатә усумҭақәа, апеизажқәа, апатреҭқәа", - лҳәоит асахьаҭыхыҩ.
Убри аан иазгәалҭоит ҳаамҭазтәи аҟазара– абстракциа, аекспрессивтә абстракциа еиҳа ишылзааигәоу.
"Сусумҭақәа иҟәандоу ԥшшәыла еилоуп. Уи сыҩнуҵҟатәи адунеи аанарԥшуазар ҟалап. Аҟазара еснагь асахьаҭыхыҩ иҟазшьоуп ианыԥшуа", - лҳәеит лара.
Мадина Бигәааԥҳа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿ аус луеит. Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аҟыбаҩ ҷыда змоу, доуҳала ибеиоу аҿар рацәаҩуп, урҭ ацхыраара, адгылара рҭахуп.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынгәы 12 рҟынӡа.