АҞӘА, ԥхынгәы 2- Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа ашьхатә хысырҭа Ҵабал ахысрақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Аԥшыхәцәа ацәҟьарақәа иреихсуеит БТР-82АМ, икылкаан ахысга ҷыдақәа "Винторез", ахыршәгақәа "Печенег", автоматқәа АК-74 уҳәа рҟынтәи.
Аҽазыҟаҵарақәа азырхоуп адҵаҟаҵаҩ ҿарацәа рнапаҵаҟа иҟоу аруаа ирзымдыруа аҵакыраҿы, еиԥҟьарада "аибашьраан" анапхгара рыҭараҿы аԥышәа аиура.
Ахысырҭа Ҵабал имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 400-ҩык инареиҳаны Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи 60 ак арратә техникеи.