Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит хә-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра

Аԥсны алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы, атәыла иаиуит 6500 доза алаҵа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи алаҵа 5609-ҩык ауааԥсыра ирзыҟарҵахьеит Аԥсны, абри атәы аанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара аминистрра. Ҩ-нызкьҩык инареиҳаны алаҵа аҩбатәи ахәҭа иазыԥшуп.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ахьазымхо азы иҵегьы аҟәшақәа рзаартуам

Аԥсны алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы, атәыла иаиуит 6500 доза алаҵа.

Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара нанашьҭхьеит COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҩаԥхьа иаарышьҭырц, иара убас иаҭаххар, цхыраара аҳақьымцәагьы аарц ирыҳәеит.

Арадио Sputnik аинтервиу азҭоз Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа ишазгәалҭаз ала, алаҵа ҟазҵаз Аԥсны атәылауаа реиҳараҩӡак алаҵа бзианы ирхыргеит. Уи иахҟьаны ахәышәтәырҭа иҭашәаз ҳәагьы аӡәгьы дыҟам.