Аслан Бжьаниа аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа амш рыдиныҳәалеит

VI ашәышықәса ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа зышьаҭа кыз ақалақь Диоскуриада - иахьатәи Аҟәа - сынтәа иазгәанаҭоит 2505 шықәса ахыҵра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳҭнықалақь иқәынхо ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь амш, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аҭоурых ҵаула Аҟәа иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу. 

"Ҳара, Аԥсны атәылауаа, Аҟәеи иааидкыланы Аԥсни рҭоурых шеиларсу бзианы еилаҳкаауеит, бзиа иаабоит, пату ақәаҳҵоит, ҳазгәыдууп ҳаҳҭнықалақь. Аҟәаа рџьабаа, рдыррақәа, рбаҩхатәра, рус ацәхьамҵра ирыбзоураны изныкымкәа агәра ҳдыргахьеит иарбан уадаҩразаалак аиааира шрылшо", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Атәыла ахада аҳҭнықалақь иқәынхо ауааи уи асасцәеи ирзеиӷьеишьеит анасыԥ, аизҳазыӷьара, аҭынчра.

Ақалақь-баагәара Диоскуриада дыргылеит абырзенцәа VI ашәышықәса ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа. Адиоскурцәа рыԥшаҳәаҿы иахьагьы еиқәханы иҟоуп еиуеиԥшым аимпериақәа збаз Аҟәатәи абаа аԥҽыхақәа.

Сынтәа Аҟәа иахыҵит 2505 шықәса.