Аҟәа ахәҭак фымцалашарала еиқәыршәоуп, ашьыжь аусурақәа ирыцҵахоит

Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакәи илеиз ақәыршыҩи ирыхҟьаны Аԥсны араионқәа зегь рыҟны афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак фымцалашарала еиқәыршәоуп, ашьыжь аусурақәа ирыцҵахоит, абри атәы иҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

Џьынџьал иажәақәа рыла, егьырҭ араиоқәа рҟны афымцалашара аҭара ашәарҭара аҵоуп, избан акәзар, аҭагылазаашьа цқьа иҭҵааӡам. Аусурақәа ирыцҵахоит ԥхынгәы 5 рзы, ашьыжь инаркны.

"Аҳҭнықьалақь зегьы уаҵәы ахәылбыҽха фымцалашарала еиқәыршәахап ҳәа хгәыӷуеит", - иҳәеит иара.

"Амшынеиқәафымцамч": аԥшацәгьа афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит

Ԥхынгәы 4 рзы, ахәылбыҽха иасуаз аурҭ иахҟьаны Аԥсны акырџьара афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Аҟәа иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны 50 ҵла каҳаит, атроллеибустә цәаҳәақәеи афымцацәаҳәақәеи ԥыҵәҵәоуп, иара убас икаҳаит афымцашьаҟақәа.

Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи аҩнқәеи рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Аԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыда, фымцалашарада иаанхеит.