Аԥсны уахыки-ҽнаки ирылагӡаны ақәаршыҩи амшынцәқәырԥара ӷәӷәеи ҟалар ҟалоит

Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны уахыки-ҽнаки ирылагӡаны ақәаршыҩи амшынцәқәырԥареи ҟалар ҟалоит, абри атәы лҳәеит Агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Диана Ҭраԥшьԥҳа. 

"Аҳауаԥхарра аҽеиҭанакуеит, ахәылбыҽха ақәаршыҩ леицеит ҳәа ҳазыԥшуп, адыд-мацәыс ацны. Ари аҩыза амш бааԥсы уахыки-ҽнаки иҟазаауеит", - лҳәеит Ҭраԥшьԥҳа.

Агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы лажәақәа рыла, иҳаҩсыз амшқәа рзы ашоура ӷәӷәан. Аԥсны амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.

Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа иҳәеит ԥхынгәы 4 рзы, ашьыжь иқәыз аԥшаӷьы Афон ҿыци Аҟәеи аҵлақәа канажьит ҳәа.

"Афон ҿыц ҳусзуҩцәа арыцқьарақәа мҩаԥыргон Ешба, Ладариа, Аҟәатәи амҩақәа рҿы. Аҟәа акәзар - Воронов, Ешба, Арӡынба, Адлеиба рымҩақәа рҟны. Аԥшаӷьы иахҟьаны аҵлақәа каҳаит, ҳусурақәа хҳаркәшоит, ауаажәларратә транспорт амҩасразы ԥырхага ыҟам", - иҳәеит аминистр.

Ҭыԥқәак рҟны аҵлақәа афымцацәаҳәақәа ааха рырҭеит, аҟазауаа урҭ рышьақәыргылара иаҿуп, иҳәеит Кәыҵниа.