Адгьылаҵантәи аҳҭынра: Афонҿыцтәи аҳаԥы иаԥсҭазаашьоу

Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын 46 шықәса раԥхьа - ԥхынгәы 4 1975 шықәса рзы, уи раԥхьаӡа акәны иԥшааит Гиви Смыр 1961 шықәса рзы.
Sputnik

Сынтәа 46 шықәса ҵуеит Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы ашәқәа аартуижьҭеи. 1975 шықәса инаркны асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рзы Аԥсны зегь реиҳа бзиа ирбо аҭыԥ ԥшӡарақәа ируакуп.

Анаҟәаԥиа ашьха иамаз атыша ду анхацәа акраамҭа иазҿлымҳан, аха уахь аҭалара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Афон ҿыц инхоз арԥыс Гиви Смыр иоуп раԥхьаӡа акәны уахь иҭалаз, аха аҵанӡа иҷыдоу амаҭәахәқәа имамкәа дзымнаӡеит. Убри аҟнытә 1961 шықәса рзы аспелеологцәа ицырхырааны алыбаара илшеит. Убас иаартхеит адгьылаҵантәи аҳҭынра.

Афонҿыцтәи акарсттә ҳаԥы - адунеи аҟны иреиҳау аҳаԥқәа иреиуоуп. Словениа иҟоу Шкоциатәи аҳаԥи Америка иҟоу Карлсбадтәи аҳаԥи шәагаала иаарываҟәыло карсттә гәаҩароуп.

Ари аҳаԥы аҩнуҵҟа иҟоуп азал дуқәа жәба, урҭ зегьы рхатәы хьыӡқәа рымоуп: "Анаҟәаԥиа ", "Нарҭаа", "Аҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә дамра", иара убас ара иҟоуп ари аҳаԥы аазыртыз ихьӡ зыхҵоу азалгьы – Гиви Смыр изал.