Аслан Бжьаниа АҶА аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит аилазаара 15-шықәса ахыҵра

Ԥхынгәы 4 2006 шықәсазы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иқәҵарала иаԥҵан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа. 2014 шықәса рзы Аусбарҭа Аминистрра ахь ииаган.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит аилазаара 15-шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

"Аиқәырхаҩцәа, амцарцәаҩцәа, АҶА аусзуҩцәа зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аилазаара аиубилеитә мшы. Аҭакԥхықәра зцу, иуадаҩы шәусура -шәыԥсҭазаарахеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Иазгәаҭоуп, ари аусбарҭаҿы хылаԥшра ду шарҭо аспециалистцәа реиҵааӡара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҟынтәи ауааԥсыреи аҵакырадгьыли ахьчарази, шықәсы рацәала ҭакԥхықәрала зусура назыгӡои "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиқәырхаҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракы ранашьан: Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниеи, Аҟәеи Аҟәа араиони амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сурен Данелиани, амцарцәаҩцәеи, аиқәархаҩцәеи амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гурам Ԥсардиеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: