Аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит: Аҟәа иҟоу аҭагылазаашьа

Sputnik

Аԥсны амшцәгьа ҟалеит ԥхынгәы 4 рзы. Аԥшатлакә иахҟьаны Аҟәа аҵлақәа хжәеит, афымцацәаҳәақәеи атроллеибустә цәаҳәақәеи ԥыҵәҵәеит. Аҭагылазаашьа иҵегьы еицәамхарц азы ирыӡбеит аҳҭнықалақь зегьы алашара аҿырхырц. Аԥсны ахәҭаки Аҟәа зегьи ӡыдеи лашарадеи иаанханы иҟан.

1 / 10
Аҟәа иҟалаз аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп.
2 / 10
Афымцамч аусзуҩцәа ауааԥсыра алашара рыҭаразы аусурақәа мҩаԥыргоит.
3 / 10
Дара иҷыдоу атехника адрыԥхьалеит.
4 / 10
Абас ауп иахьа Аҟәа амҩақәа реиҳарак шыҟоу.
5 / 10
Аҟәа ахәҭак уаажәраанӡагьы лашарада иҟоуп.
6 / 10
Икаҳаз аҵлақәа ықәыргоит ашьҭыхга-кранқәа рыла.
7 / 10
Ари аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраҿы ацхыраара ҟарҵоит аруаагьы.
8 / 10
Икаҳаз аҵлақәа рықәгара армариазы дара зны ихырҵәоит, нас ақыдқәа шьҭыхны иргоит.
9 / 10
Аԥхасҭа роуит аргыларақәа рацәаны.
10 / 10
Арыцқьарақәа ирҿуп аҳҭнықалақь аусбарҭа ҷыдақәа зегьы.