Акоронавирус злаз хҩык рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 545- ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 181-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ԥхынгәы 4-5 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 72, 73, 82 шықәса зхыҵуаз ачымазараҿкы зыдбалаз хҩык апациенткацәа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 107-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык пациент, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 35-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17999-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15573-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 254-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>