Аҟәа атроллеибусқәа аныҟәара ианалаго арыцхә еилкаахеит

Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа атроллеибусқәа аныҟәара ҩажәамш рышьҭахь ихацыркхоит иҳәеит аҳҭнықалақь ахадара амҩатә ныҟәара ашәарҭадареи атранспорт аҟәшеи реиҳабы Ҭемыр Абӷаџь. Абри атәы аанацҳауеит ахадара асаит.

Аҩнқәа хыбдеи лашарадеи иаанхеит: араионқәа рхадацәа аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа ирзааҭгылеит

Ҭемыр Абӷаџь ишазгәеиҭаз ала, Алашарбагеи Кәыдрытәи амҩеи рҟны ауп атроллеибустә цәаҳәақәа еиҳарак ааха ахьроуз. Кәыдрытәи амҩа аҟны игылоу 28 фымцашьаҟа ааха роуит, ацәаҳәақәа ԥыҵәҵәоуп.

"Аусурақәа шцац ицоит. Икаҳаз ашьаҟақәа рышьҭыхразы иҷыдоу атехника аҭахуп", - иҳәеит Абӷаџь.

Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит - аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Аҟәа аиҳарак ӡыдеи лашарадеи иаанхеит.