Арадио

Воуԥҳа COVID-19 аҟынтә аҽыхәшәтәразы: алшара змамкәа астационар ахь инеиуа маҷым

Аԥкракәа ачымазара маҷк иадымхаргьы аанкылара алшома, иабанӡеиқәшәоу аҳтнықалакь ахәшәтәырҭакәа, алаҵаҟаҵара аус шԥамҩаԥысуеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Sputnik
Воуԥҳа COVID-19 аҟынтә аҽыхәшәтәразы: алшара змамкәа астационар ахь инеиуа маҷым

"Уажәы ачымазҩцәа рацәаҩхеит, иара ачымазара ахаҭагьы бааԥсхеит. Ауаа алшара рымаӡам аҩны аҽыхәышәтәра, убри аҟынтә ирҭахуп астационар ахь. Аҟәа макьана ҳаизхоит, аха ашьҭаҵарҭатә ҭыԥқәа ирыцаҳҵо ҳалагар, рымаҵ аура ҳахьӡаӡом. Иҟоуп амедицина аусзуҩцәа ачымазара зҽадызҳәалар зҭахымгьы", - ҳәа азгәалҭеит Воупҳа.

Алаҵаҟаҵара атәы дазаҭгыло Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы иазгәалҭеит, иахьала даара ибзиан ишымҩаԥысуа.

"Алаҵа анҵәара ианалага аамҭазы ирацәаҩны ауаа асиа рҽанырҵоит. Ақьаадқәа еиқәыршәаны иҳамоуп, аха ҩымш рыла иара нҵәоит. Актәи ахәҭа ҳалгоит. Аҩбатәи макьана аҟаҵара ҳаҿуп. Актәи ҟазҵахьоу зегьы аҩбатәи ирызхартә еиқәыршәоуп", -лҳәеит Воуԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.