Аԥсны COVID-19 зланы ишьҭоу аԥсшьаҩцәа рыхәшәтәра хәыда-ԥсадоуп

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 18 нызқь иреиҳахеит. COVID-19 злоу ачымазцәа рыҭҵаарақәа зегьы аҳәынҭқарра ахарџь ала ахә ахнашәаауеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа злоу урыстәылатәи ачымазцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рҟны рҭагылазаашьа аҭҵаареи рыхәшәтәреи аҳәынҭқарра ахарџь ала рыхә ашәоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра асаит аҿы.

Хҩык атуристцәа акоронавирус рыманы ахәышәтәырҭа иҭоуп

COVID-19 Аԥсны ианцәырҵыз аахижьҭеи анализқәа, арентгенографиатә иара убас акомпиутертә томограф аҟны аҭҵаарақәа апациентцәа зегьы рзы ихәыда-ԥсадоуп, амбулатор ҳасабла иадҵаалогьы убрахь иналаҵаны, иахьынхо аҭыԥи тәылауаҩрас ирымоуи иахьмырԥшкәа ҳәа аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.

Арахь иаҵанакуам акоммерциатә лабораториақәеи уа аус зуа аҳақьымцәеи ирыдҵаало ачымазцәа.

Ииасыз амчыбжь азы Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахәшәтәырҭақәа урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рацәаҩны ишрыдҵаало.