Харчлаа: аԥхьаӡагақәа ахьыҟоу ауаа афымца иеиҷаҳауеит
© Sputnik
"Тҟәарчал араион аҟны аиуристтә хаҿқәа 70 процент инеиҳаны инырхуа афымцалашара ахә ршәоит. Акоммерциатә наплакқәа рҟны инырхуа афымцалашара узырбо аԥхьаӡагақәа ықәгылоуп. Ахатә хаҿқәа афымцалашаратә ԥхьаӡагақәа ззықәгылоу зынӡа имаҷҩуп, ҩбаҟа процентгьы ыҟам. Иара аԥсҭазаара иаҳнарбоит аԥхьаӡагақәа рықәыргылара алҵшәа бзиа шаанашьҭуа. Аԥхьа иргыланы афымцалашара иеиҷаҳауеит, иахьа ишнырхуа еиԥш инихуам анхаҩгьы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы. Аизгақәагьы 10 процентк ыҟазар, 90 рҟынӡа инеиуеит. Ари Аԥсны мацара акәӡам, егьырҭ атәылақәа рҟынгьы иԥыршәахьеит", - иҳәеит Харчлаа.
Шәазыӡырҩы аудио.