Жәларбжьаратәи афестиваль "OPERA VIVA" Аҟәа аҳауаҿы имҩаԥысраны иҟоуп

Сынтәатәи афестиваль изкуп еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, иадырҳәараны иҟоуп ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Жәларбжьаратәи афестиваль "OPERA VIVA" Аҟәа ԥхынгәы 9 рзы имҩаԥысраны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Афестиваль апрограмма иалоуп Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩцәа, иара убас еицырдыруа ахкынагӡаҩцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Екатерина Богачева, Иулиа Почкалова, Иури Ростоцки, Владимир Казаков.

Акультуратә усмҩаԥгатә мҩаԥыргарц ргәы иҭан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы, аха Аԥсны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, аконцерт уи ашҭаҿы иҟалоит.

Иалагоит асааҭ 20:00 рзы.

Сынтәатәи афестиваль изкуп еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, иадырҳәараны иҟоуп ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.