Иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса аҵра аҳаҭыр азы иновеллақәа ҿырҳәала рыԥхьаразы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥшьгарала ирылаҳәан онлаин-конкурс.
Алитературатә еицлабрақәа аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иацхраауеит ҳәа ҳахәаԥшуеит, аԥышәаҿы ус иагьаабоит ҳәа азгәеиҭеит Абҳазоу арадиоефир аҿы.
"Апроза ианаԥхьо акәым, ажәеинраала ианаԥхьо, ҳәарада, арҿиара знапы алаку еилаҳкаауеит, ахәыҷы абызшәа ахьынӡаидыруа. Апроза аԥхьараан еиҳагьы еилукаауеит абызшәа ахьынӡаидыруа. Абызшәа иԥсыҽны издыруа апроза аԥхьашьа имам, уа ҳәоуцыԥхьаӡа иааԥшуеит агхақәа. Аицлабра зҽалазырхәыз зегьы рхатәы бызшәа даараӡа ибзианы издыруа роуп. Ҳәарада, ҳконкурсқәа хықәкыс ирымоу абызшәа аларҵәареи, ахархәара арҭбаареи, асахьаркыратә литература аԥхьареи агәыбылреи дыркра ауп. Ҳәарада, ари зегьы ҳдоуҳатә культура аҿиароуп изызку", - ҳәа еиҭеиҳәеит Абҳазоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Камкьиа: Миха Лакрба иҩымҭақәа, иновеллақәа сыԥсҭазаараҿы мҩақәҵагак исзаҩызоуп
Аблоҭиа Миха Лакрба иновеллақәа ирызкны: ахшыҩрҵара еиҳауп, адраматургиа аасҭа