Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит

© Foto / предоставил Анатолием ЛагулааМиха Лакрба
Миха Лакрба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 19 рзы 120 шықәса ҵит диижьҭеи Аԥсуа милаҭтә драматургиа ашьаҭа зкыз Миха Лакрба. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭа арҿиаҩы игәалашәара иазкуп.

"Иҟоуп убас аԥсыуа ажәак - Аламыс ҳәа. Даара акыр аҵанакуеит, даараӡагьы акыр аанагоит аԥсуа ихы-игәаҿы уи ажәа кьаҿ… "Аламыс" ҳәа аԥсуаа зыӡбахә рымоу ажәа ԥсыс ирхоуп нҵәара зықәӡам, иссиру жәлар рҳәамҭақәа, ражәақәа".

Миха Лакрба

Аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа аӷьараҳәа иааивагылаз алитераторцәа қәыԥшқәа раԥхьа дгылан ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба. Уи данҩыҵшәа инаркны иаразнак ибызшәа агьама икит, ижәлар иреиӷьӡаз рфольклор "аԥсы" шҭаз дахьӡеит, алитературатә ԥсҭазаарахь аиагара дашьҭалеит. Усҟан уи ирҿиамҭақәа рышьаҭа зықәиргылоз, ибаӷьаӡа уасхыр ӷәӷәак злаҟамыз ала, игәы камыжькәа, иҟаз иҽанраалан, ихатәы мҩа ылхны дцалар акәын… Зегь раԥхьаӡа иргылан, даара ишыуадаҩызгьы, ибаҩхатәра ҿымцәаарц азыҳәан, уи иақәнагоз, ашьеи-адеи еизырсуаз аҵара бзиа иҵар акәын, иреиӷьӡаз адунеитә классикатә литература аҳракыраҿ иҟаз адуқәа зегьы илаԥш рхигар акәын, иҩныҵҟатәи иԥсҭазаара иазааигәаитәыр акәын…

7 новелл - Sputnik Аҧсны
Шьаҿак ԥхьаҟа

Аҵарауаҩ ду Шалуа Иналиԥа излаигәалаиршәо ала, Миха дук мырҵыкәа иаб Аҳмаҭ даныԥсы ашьҭахь, уи иан лыҷкәынцәа рааӡара лылымшо даналага, иара Михеи иашьеиҳаб Ваниеи Аҟәа иааганы Ашьхарыуаа рышкол аҿы аказенҵара (апансион) иалҭеит, аԥсуаа егьырҭ аӡәырҩы реиԥш, иаргьы дааӡаны ишьапы дықәзыргылаз, абри ашкол иазикит ашәҟәыҩҩы иновеллақәа ҩба: "Раԥхьатәи ашәҟәы" нас "Асалам наӡа" Уи даналга, Миха Аҟәатәи ареалтә учильишьче дҭалеит.

Убри нахыс Миха Лакрба алитература агьама икуа далагеит, ирацәаны дрыԥхьоит ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рырҿиамҭақәа. Аизарақәа рҿы дықәгыланы дцәажәоит, ажәахә бзиақәа ҟаиҵоит. Иара убри инаркны иҽазикуеит аҩрагьы. Зны еиҳа ажәеинраалақәеи апублицстикатә-патриоттә статиақәеи иҩуан. Раԥхьаӡатәи иԥышәақәа ркьыԥхьуан агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҿы.

Раԥхьаӡа Миха Лакрба алитературатә гәыбылра изыркыз ирҵаҩцәа: Дырмит Гәылиеи, Самсон Ҷанбеи, Виқтор Стражиови, Иван Запорожскии роуп. Ҷыдала Дырмит инапхгареи, иусуреи, иҩымҭақәеи акыр рылшеит Лакрба иааӡараҿы. Иаргьы уи ихашҭӡомызт. "Бзиа дызбоит Дырмит", - иҳәон лассы-лассы.

© Foto / предоставил Анатолием ЛагулааМиха Лакрба
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба

Ҳара ибзиан иаадыруеит ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз 1917-1921 шықәсқәа рзы, даара ахаԥсыра бааԥс ддырбон аԥсуаа. Ажәлар рхаҭарнакцәа иреиӷьыз зегьы ари хьаас ирыман, иахьынӡарылшоз маӡа-аргама иаҿагыланы иқәԥон.

Ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба иакәзаргьы ари аамҭа цәгьа иара ишилшоз даҿагылон, ҩнуҵҟала дбылуан, ижәлар рҟынӡа инаигарц ииҭахыз ирмаананы, амала дара еилыркаартә жәеинраалала инаигон. Иаҳгәалаҳаршәап, "Д. Гәлиа иахь", "Аԥсадгьыл", "Абахҭаҿы" иажәеинраалақәа, истатиақәа. Усҟан уи игәы иҭаҵәҟьаз аҳәара гәаӷьыуацәан азы, Лакрба аполитикатә гәрамгара бааԥс иҟаз дацәшәаны, иҩымҭақәа "аԥсуа" ҳәа аԥсевдоним рыҵаиҩуан. Убас ихьӡ рҩашьаны иаҵаҩуп 1920 шықәсазы "Аԥсны" ианылаз ажәамаана "Аӡыцәеи, аԥсыӡи, ауаҩи." Иаагап ажәеинраала шеибгоу абраҟа.

Аӡыцәа ӡысуа ишнеиуаз,

Ԥсыӡ дук акит.

Аԥсыӡ шьарда мыцхәы иԥаҭԥаҭит,

Даара цәгьаӡа аҽашәеит.

Аха амалаӡа иааԥсеит,

Аӡыцәа иахәхеит.

Уи аамҭазы даахықәгылт,

Наҟтәи иааиуаз аӡхықә аӡәы.

Аӡыцәа иауз лабҿаба ианиба,

Ииҳәара изымдыруа даанхеит.

Иаԥхьаҟа аҟәараҿы ԥсыӡ хәыҷык,

Иаацәырҟьаны ус аҳәеит:

- Ҳара ҳгәаҟра ҳазмырҳәауа убри ауп,

Аӡы аҵаҟа- аӡы ҳҿаҵәоит.

Аӡ хыхь- иаразнак ҳаԥсуеит…

- Еҳ, - иҳәеит уи ауаҩы, -

Даара шәрыцҳауп шәарҭ аԥсыӡжәла,

Шәгәы иҭоу шәҿы ишәзарҳәауам,

Шәаӷацәа ишырҭаху ишәылахәмаруеит,

Шәара шәеиԥш игәаҟуа,

Аԥсыӡ уаҟәыҵ, жәларык здыруеит…

Ари аҩыза ажәеинраала усҟантәи аамҭазы акьыԥхьра даара игәаӷьыуацәан, зынӡа иаармариан уақәдырӡуан. Аха Миха ижәлар рҟынӡа инеир иҭахын ирзыԥшыз ашәарҭара, убри азы, еиуеиԥшымыз алитературатә жанрқәа ихы иаирхәон…

Акиностудиа Аԥсуа фильм анапхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа Миха Лакрба иновеллақәа ирызкны: ахшыҩрҵара еиҳауп, адраматургиа аасҭа

Ашәҟәыҩҩы илаԥш ҳәаа ирҭбаауан, иԥсадгьыл ахь ихьеирыԥшыр иҭахын акыр зылшоз, зажәа акраанагоз аурыс интеллигенциа. 1934 шықәсазы М.Лакрба Асоветтә шәҟәыҩҩцәа Актәи Реизара Ду аҟны дыҟан, дазыӡҩруан, иԥсы ҭанаҵгьы ихашҭӡомызт А.М.Горки усҟан иҟаиҵаз ажәахә. Иара уа, Москва дшыҟаз, СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылоит, арекомендациа ирҭоит В.Шкловскии, Г.Мдивани, М.Залкаи ( аинрал Лукач). Уи ауаа рҳаны иман, даара еиҩызцәа дуқәан акиносценарист бзиа Кл. Минци иареи, акырынтә Аԥсныҟа еицаахьан, акинофильм "Адгьыли аџьанаҭи" азы акиносценариа еицырҩуан.

Урҭ ашықәсқәа рзы иҩит даҽа жәеинраала ссиркгьы- "Д. Гәылиа уахь." Иҟалап ари ажәеинраала иацназгоз усҟан ҳлитератураҿы даара имаҷызҭгьы. Избанзар, ашәҟәыҩҩы ибон Д. Гәылиа иҵакы ҳаԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы, уи иҭахын усҟан зхы ҩышьҭызхыз ҳаинтеллигенциа зегьы реиԥш, ҷышәрак здыруаз зегьы деицгәарҭар, ивагылар, иџьабаа ицеиҩыршар… Иааҳгап уи ажәеинраала ссир ацыԥҵәаха:

Аԥсны ала хҩоуп, алымҳа дагәоуп,

Лашарак зааиуам, илашьцоуп.

Иазылухт амҩа, маҷӡак угуп,

Лашара иааиша рацәаӡоуп…

Уԥшишь! Иубома амра гылоит,

Уажәнатә ицәывҵыҷҷоит иара!..

Убас хәыҷы-хәыҷла иҿыхоит,

Ҳара ҳазҽеихар, ҳ-Аԥсынра!..

Уаӡәуп ихнымҳәкәа ус инеиуа,

Макьана иҳамоу хырҽхәарас,

Уажәа ауп еҵәас иаҳзышеишеиуа,

Уажәа ауп иҳамоу гәыӷырҭас…

Ари ажәеинрааала усҟан иаразнак Аԥсны зегь ирылаҵәеит. Изныз агазеҭ ажәлар ахьааизоз ҷышәрак здыруаз ауаа ирзрыԥхьон, аӡәыр ҳаиқәирхозар, аӡәыр ҳаимырӡуазар, Дырмит иакәхоит, рҳ́әон!..

Ашәҟәыҩҩы М.Лакырба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, даныԥсышаз аламҭалаз, деиҭазыхынҳәит Дырмит ду ихьӡ, уи иԥсҭазаара ҳмилаҭ зегьы реиԥш, дара ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рзгьы иаанагоз:

© Sputnik / Томас ТхайцукМиха Лакрба
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба

"Д.Гәлиа еснагь ҳара иҳабжьигон аҵара ҳҵаларц, ҳдырра иазҳарҳаларц, ҳажәлар ҳрыхәарҭаны ҳҟаларц. Иаҳирҵон ҳара аԥсуа бызшәа, уи иурокқәа ракәын ҳара зегьы иреиӷьаҳшьоз. Ашәҟәыԥхьареи алитературеи рыбзиабара ҳалаирҵәон. Ҳхатә ҩымҭақәа рзы атемақәа ҳаиҭон. Аклассикатә ҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа аԥсышәала еиҭаагон. Аԥсуа жәлар рашәақәа ирылхны аинсцинировкақәа ҟаҳҵон, нас иқәҳаргылон урҭ иара иеиҿикааз агәыԥ аҿы…"

М.Лакрба хыԥхьаӡарала имҷӡоу иажәеинраала ссирқәа иреиуоуп илирикатә жәеинраала "Абахҭаҿ". Ари ажәеинраалаҿ иаарыԥшу алирикатә фырхаҵа итрагедиа анаҩысгьы, усҟантәи аамҭаз, акыр игәаӷьыуацәаз, азеиԥштә символикагьы аҵубаауеит.

Изури, исҳәари, амчыда?

Адунеи шәҭит, ааԥынроуп.

Агәырӷьара салыхәдоуп, амыжда,

Сбахҭаҿ енагь илашьцоуп…

Сықәлацәа ааԥын еигәырӷьоит,

Амшаԥ иаԥылоит хара,

Аамҭа иалачоит, еиҽырбоит,

Гәыӷрада сыӡӡеит сара.

Асаби, кыка зыгхаз еиԥш,

Сымала сҵәуо сҭатәоуп.

Изури, исҳәари, ахәаша,

Сбахҭаҿы енагь илашьцоуп.

Ԥсы зхоугьы, ԥсы зхамгьы ирықәыԥхо,

Амра зегь ҳзыҳәан ишеит.

Цәывҵа лашаракгьы саҭәамхо,

Амра ду са исыԥхеит…

Шәхаан шәшыԥсыхрагьы жәдыруазар,

Сҽыхәа шәкәадыр, исзаажәга.

Адунеи шәымала ишәымамзар,

Соушәыжь, лашарак сшәырба.

Аҵарауаҩ Ш. Инал иԥа излазгәеиҭо ала, ажәеинраалақәа уи иҵегьы ирацәаны имҩыкәа дыҟам, аха апоезиаҿы игәаԥхарақәа зларацәаз ала, апоезиатә гьама бзиа злаимаз ала, ииҩыз даараӡа игәы азҭамзар, ауаа рахь ицәыригаӡомызт, иаԥсам ҳәа уаҩы имырбаӡакәа, иԥыжәжәаны икаиԥсон. "Изҩит ҳәа сгәы иамыхәаз сеигӡом, сгәы дууп уи азы",- иҳәоит иара.

М.Лакрба даара акыр илшеит, иуҳәар ауеит ашьапы икит ҳәа аԥсуа милаҭтә драматургиа. 1940 шықәсазы уи иҩуеит акомедиа "Гечаа рҵыхәтәа", адырҩашықәсан "Сабыда игәаҩара." Иара убри ашықәсазы қәҿиарала иқәдыргылеит урҭ аҩбагьы Аҟәатәи аԥсуа театр асценаҿы.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа ианалага, М. Лакрба шәымҭакгьы даанымхакәа иара ихатәгәаԥхарала даҳәаны дцоит еибашьра. Зқьи жәшәи ҩнҩеижәи акы шықәса ииун мзазы, зны аибашьратә трибунал аҿы аус иуан, нас адивизиатә газеҭ "На штурм врага" аредакциаҿы дыҟан, ақалақь-фырхаҵа Севастопль ахьчараҿы амца қьоуқьад далагылан. Аибашьраҿы уи ихигаз ҳәашьак амам, аха ианеилга, ихәрақәа шыӷәӷәазгьы, иԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Уимоу, зныкгьы аӷа инапаҵаҟа днеихьан, ддырбаандаҩхьан, аха иҩызцәеи иареи хаҵарыла ибналан ирыцәцеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукКниги Михи Лакрба
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Книги Михи Лакрба

Аибашьра анеилга ашьҭахь, аԥсҭазааратә ԥышәа ду имаз ихы иархәаны, ҩнапыкла ашәҟәҩыра далагеит. Аха ҩышықәсаҟа ааҵуаны, зқьи жәшәи ҩнҩеижәи бжьба шықәсазы, ииуль хәба рзы, харада ахара иқәҵаны, дыкны дҭаркит, Воркута ахгара иқәырҵеит. Иара убраҟагьы, арыцҳара сақәшәеит ҳәа игәы камыжькәа, аҩра даҿын. Аҵыхәтәан, егьшихарамыз анеилыркаа, аребилитациа изыруит, иԥсадгьылахь дхынҳәит, 1955 шықәса рзы.

Ашәҟәыҩҩы аамҭа рацәаны ицәыӡит, игәамбзеирақәа дыркит, аха аԥсҭазааратә ԥышәа рацәаны иоуит. Уи инеиԥынкыланы аусура даналага, 1955 шықәса рынахыс ауп. Адунеи дадыруа дҟазҵаз иновеллақәа анаԥиҵаз, жәашықәса рыҩныҵҟа ауп, зқьи жәшәи ҩынҩеижәи жәохәи, зқьи жәшәи хнҩеижәи фба шықәсеи рыҩныҵҟа. Арҭ ашықәсқәа рзы уи инеиԥынкыланы аус иуит, идраматә усумҭақәеи, иновеллақәеи раӷьырак зегьы аниҩыз убасҟан ауп.

Аԥсуа театр аҿы иқәдыргылеит иҭоурыхтә драма "Данаҟаи", асценариа иҩит идакументалтә фильм "Аԥсны- ишәҭыкакаҷуа тәыла ҿацәуп." Урысшәала иҭижьуеит акыр шықәса аус здиулоз иновеллақәа, 1961 шықәса рзы иҩит "Прометеи имца" ( Аламыс) ҳәа апиеса, аԥсуа театр аҭоурых иазку ашәҟә ду.

© Sputnik / Томас ТхайцукКниги Михи Лакрба
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Книги Михи Лакрба

Идуу дарбан шәҟәыҩҩзаалакгьы, ихьӡ шьҭызхуа, шәҟәыҩҩык иаҳасабала ижәлар рҿы ахааназ дынзыжьуа, ҩымҭак изаанхоит… Миха Лакрба, Аԥсынгьы, уи анҭыҵгьы, ихьӡ рҳәартә, атәым бызшәақәа рахь деиҭаргартә дҟазҵаз, дышьҭызԥааз, иновеллақәа роуп. Уи урҭ аԥсышәалагьы урысшәалагьы иҩит, иҟоуп нас аԥсшәахь зеиҭагара дахьымӡаз, аха абаҩхатәра бзиаӡа змаз, Д.И.Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа алауриат Џьума Аҳәба урҭ ҟазарыла аԥсшәахь иеиҭеигеит, ирзынижьит ирымаз аколарит…

Лакрба, иара ихаҭа иҳәон еиԥш, аламыс ԥсыс ирхоуп нҵәара зықәӡам, иссиру жәлар рҳәамҭақәа, рашәақәа: "Аԥсуаа ҳмаҷуп, ҳамч арбаӷьк аҵоукыр иагоит, аха ҳаламыс ҩышә камбашь-уӷә аурхаргьы иузырҵасуам, избан акәзар, ажәаԥҟаны ишыҟоу еиԥш, еиҳагьы иӷәӷәоуп аламыс. Абри еиԥш иҟаз аламыс ауп ашәа ззиҳәоз Миха Лакрба."

Миха Лакрба адраматургиа ановеллисти деимаркуан. Аха уи идраматә ҩымҭақәа здыруа еиҳарак аԥсуа ԥхьаҩцәа роуп. Иажәабжьқәа ракәзар, урҭ рыӡбахә хара инаганы иҟоуп, бзиа ибаны ирыԥхьоит амилаҭқәа зегьы.

Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа еиҭагоуп иара убасгьы зынӡа 27 аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рыла. Урҭ иреиоуп адунеиаҿ еицырдыруа абызшәақәа: аурыс, аерман, афранцыз, англыз, анемец, аиспан, аҭырқә, акореиа, аболгар, аполиак, авенгер, араб уҳәа убас ирацәаӡаны.

Миха Лакрба иԥсы ҭанаҵы иҩымҭақәа зегьы еидкыланы иҭыжьны ила иамбагәышьеит. 2009 шықәса рзоуп уи иҩымҭақәа зегьы х-томкны ианҭыҵыз. Актәи атом - ановеллақәа ирызкуп, аҩбатәи атом - адраматургиатә рҿиамҭақәеи, аԥсуа театр аҭоурыхи, аҵыхәтәантәи, ахԥатәи атом- ажәеинраалақәа, астатиқәа, асалам шәҟәқәа уҳәа убас егьырҭ аматериалқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукМиха Лакрба
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба

Аҵыхәтәан, рацәак идуум абри сыстатиаҿы иаазгар сҭахуп Миха Лакрба иажәабжьқәа араб бызшәахь иеиҭазгаз Беируттәи алитератор Николаи Тавиль, 1959 шықәсазы Москватәи ашәҟәҭыжьырҭа "Советская литература на иностранных языках" ахьӡала иааишьҭыз ашәҟәы: "Ҳшәыҳәоит, даара ҳшәыҳәоит, францыз бызшәала иаҳзаашәышьҭырц Миха Лакрба иаԥсуа жәабжьқәа. Урҭ ажәабжьқәа даара интересс иҟаҵаны ирымоуп ҳара ҳтәыла иқәынхо, ауаажәлар рахьтә хәҭак. Араб ԥхьаҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рыҟнытә асалам ҳазишәҭ иссирӡоу ановеллақәа равтор!.."

Ҳарҭ, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, сынтәа Миха Лакрба ишихәҭоу, Аԥсны зегьы аҵанакуа 120 шықәса ихыҵра ииубилеи ҳзымҩаԥгаӡом адунеи зегьы аҿы иҟоу ачымазара бааԥс иахҟьаны. Аха ахааназ, дарбан ԥхьаҩызаалакгьы, Аԥсынгьы, уи анҭыҵгьы, илашаӡа игәы иҭазаауеит Миха Лакрба ихьӡ ԥшӡа, иҩымҭа хазынақәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0