"Амшынеиқәафымцамч": астанциа маҷ "Очамчыра-а́хага" уаанӡеиԥш аусура иалагеит

Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа "Очамчыра-а́хага" аҿы амцакра ҟалеит рашәара 29 рзы ашьыжь, уи иахҟьаны Очамчыра ахәҭаки қыҭақәаки фымцалашарада иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Астанциа маҷ "Очамчыра-а́хага" уаанӡеиԥш аусура иаладыргеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа "Очамчыра-а́хага" аҿы амцакра ҟалеит рашәара 29 рзы ашьыжь, уи иахҟьаны астанциа амаругақәа блит, Очамчыра ахәҭаки қыҭақәаки фымцалашарада иаанхеит.

Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь днеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, иара абылра ахҟьаԥҟьақәа гәеиҭеит, анаҩс Очамчыра араион ахадараҿы аилатәара мҩаԥигеит.

Ахада "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара адҵа риҭеит абылраҽацәыхьчаратә шәарҭадаразы аусмҩаԥгатәқәа дырӷәӷәарц, иара убас астанциа аҩнуҵҟеи уи акәша-мыкәшеи ацқьара иацклаԥшларц.

Ԥхынгәы 1 азы апарламенттә еилакы аилатәараан "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа адырра ҟаиҵеит афымцамч станциа маҷ "Очамчыра-а́хага" аҿы иҟалаз абылра зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп, аха уи амашәыр астанциа иамоу ақәыӷәӷәара ишахьымҟьаз еилкаауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: