АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа Гагра амшын иагаз аԥсшьаҩы саратовтәи аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
"Аԥсыбаҩ аҟәараҿы ирыԥшааит, гагратәи ахәышәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Апресс-маҵзураҿы иара убас иазгәарҭеит иақәнагоу адокументқәа шеиқәдыршәо иҭахаз Павел Даньков иԥсыбаҩ Урыстәылаҟа ашьҭразы, иуацәа Аԥсныҟа ианаалак ашьҭахь.
Аԥсны АҶА уаанӡа адырра ҟанаҵахьан аԥсшьаҩы амшын бааԥсны ишеисуазгьы, ацәқәырԥақәа х-метрак рҟынӡа ишнаӡозгьы, иара аӡы дышҭалаз, ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрыло далагеит. Аҟәараҿы игылаз аӡәгьы дзимыцхрааит ацәқәырԥа дуқәа ирыхҟьаны.
Ԥхынгәы 4 рзы ахәылбыҽха Аԥсны аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит, уи иахҟьаны атәыла еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа канажьит.