Какәыбаа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи акарпыжә аџьармыкьахь ианнарго атәы
© Sputnik
"Очамчыра араион аҟны иҟоуп ақыҭақәа, амшцәгьа араса аԥхасҭа ахьанаҭаз, убасгьы акарпыжә аазрыхуа пыҭҩык аԥхасҭа роуит. Аӡы ахьаҵалаз ыҟоуп, аԥша иахҟьаны аракәқәа ахьеиланаҵаз ыҟоуп. Уи напыла ириашаны аџьабаа адбалатәуп. Заанаҵы иларҵаз акарпыжә аҳауа цәгьа ақәшәеит, хәыҷык иманшәаламхеит, икьасаны илазҵаз аџьармыкьахь ицәырыргартә еиԥш аҭагылазаашьа рымам, аамҭа рыцәцеит. Ажәлақәа аахәаны илазҵазгьы иҟоуп иманшәалам зықәшәаз. Егьыс планла Очамчыра араион аҟны иазгәаҭан 240 гектар акарпыжә ааӡара, аха иахьа уахәаԥшуазар, 180 гектар рҟынӡа ҟалоит. Акарпыжә ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟала аџьармыкьахь ицәырыргоит", - иҳәеит Какәыбаа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.