Аҟәа атроллеибустә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы ҩ-миллион мааҭк аҭаххоит

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik. Ԥхынгәы 4 рзы Аҟәа иқәлаз аԥшацәгьа иахҟьаны ааха зауз атроллеибустә цәаҳәақәеи ашьаҟақәеи реиҭашьақәыргыларазы ҩ-миллион мааҭк аҭаххоит, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит АУН "Аҟәа ақалақь ахадара атроллеибустә усбарҭа" адиректор Ҭемыр Амҷба.

Иара иажәақәа рыла, ацәаҳәақәа еиҳарак аԥхасҭа роуит аџьармыкьеи, Кьалашәыри, Каштаки, Синопи иахьрыҵаркуа. Хәҭакахьала атроллеибусқәа рныҟәара хацыркуп Аҳабла ҿыц-Аџьармыкьа, Ажәытә ҳабла- Аџьармыкьа рхырхарҭақәа рыла.

Аԥхасҭа зегьы аԥыхразы мызкы аҭахуп, иахәҭоу амаругақәа зегьы Краснодар иаахәоуп.

Аҟәа атроллеибусқәа аныҟәара ианалаго арыцхә еилкаахеит

Алашарбага ахырхарҭала атроллеибустә ныҟәара ахәҭак еиҭашьақәыргылоуп. Атроллеибусқәа ныҟәалоит Алашарбага инаркны Аидгылара амҩанӡа, иара убас ишьҭрақәланы.

Амҷба агәыӷра ааирԥшуеит иахәҭоу амаругақәа раахәаразы Аҟәа ақалақь ахадара афинанстә цхыраара ҟанаҵап ҳәа, избанзар АУН иазышьҭхӡом ари аҩыза ахарџь.

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

Беслан Ешбеи Александр Анқәаби Аҟәа амшцәгьа иазыннажьыз аԥхасҭа иахцәажәеит

Ԥхынгәы 5 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иалацәажәеит Аԥсны ԥхынгәы 4 рзы иасыз аԥшатлакәи илеиз ақәаршыҩи иҟарҵаз аԥхасҭа аԥыхразы инагӡатәу аусурақәа рызҵаара. Аизара далахәын Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, иааизакны атәылаҿы аԥхасҭа роуит 95 хатәы нхамҩеи 57 ҩнеихагылеи. Анқәаб иазгәеиҭеит аҭыԥқәа рҿы аусура аиҿкаара рылшазаргьы, финансла ишырзышьҭымхуа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа.

Аслан Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра жәабала миллион мааҭ ахарџь шаиуа, убри аан иазгәеиҭеит атәылауаа иаларҵо арзаҳалқәа зегьы ишрыхәаԥшуа, урҭ рзы аԥара ахада ифонд аҟынтәи роужьрагьы шалыршахо.