Акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Мир 19" закәу еиҭарҳәеит уи аԥҵаҩцәа

Мшаԥы 11 рзы ашәҟәы иҭаргалеит "Мир 19". Уи аԥырҵеит ФМБА иатәу "Аҳәынҭқарратә аҭҵаарадырратә центр аиммунологиатә институт". Уажәы аҭҵаарақәа ирҿуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Акоронавирус анухьлак раԥхьатәи ҩымш-хымш рзы алаҵа "Мир 19" ҟоуҵар зегь реиҳа иуыхәоит. Абас аҳәоит РИА Новости Афедералтә медико-биологиатә усбарҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Ари ахәшә COVID-19 британиатәии индиатәии аштаммқәа ирҿагылоит. Аклиникатә ҭҵаарақәа аҩбатәи рыхәҭа хыркәшахоит 2021 ашықәс азбжазы.

Алаҵа "Мир 19" шәарҭаӡам излазҵо ауаҩы игеном азы.