Аԥсныҟа амефедрон аазгарц зҭахыз анаркодилер Адлер иус рыӡбеит

Зус рыӡбаз ахаҵа Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анаркотикатә маҭәашьар амефедрон иҭеигаларц игәы иҭан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Адлер ақалақь аҿы Урыстәыла атәылауаҩ ахара идҵан иус рыӡбеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабандаз, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура апресс-маҵзура. 

Азакәанеилагаҩ дааныркылеит аушьҭырҭатә пункт "Адлер" аҟны Урыстәылантәи Аԥсныҟа аҳәынҭқарратә ҳәаа данахысуаз.

Иара дангәарҭоз ирбеит шашәала иҿаҳәаны ихәда иахаз еилаҳәара еиқәаҵәак, уи аҩнуҵҟа иагәылаҿаҳәан амаҭәашьар згәылаз аполимертә пакет. Аексперт-криминалистикатә ҭҵаара ишьақәнаргылеит уи анаркотикатә маҭәашьар амефедрон шакәыз (4-метилметкатинон).

Зус рыӡбоз ихара азхеиҵеит. Адлертәи араионтә ӡбарҭа аӡбарала иара иқәырҵеит хәышықәсеи мызки азеиԥш риашаратә бахҭаҿы ҭакрала ахгара.