COVID аҿагылареи азинхьчаҩцәа рыцхраареи: Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа аԥара ааишьҭит

Ҵыԥх абҵарамзазы Адыгеиатәи Ареспублика уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа иааишьҭит 50 миллион мааҭ акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы. 
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Ҳазреҭ Совмен Аԥсны 50 миллион мааҭ ҳамҭас иазааишьҭит акоронавирустә инфекциа аҿагыларази азинхьчаратә усбарҭақәа рыцхраарази. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

Иазгәаҭоуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Ҳазреҭ Совмени ҭелла реицәажәараан COVID-19 иаҿагыланы ақәԥара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аслан Бжьаниа Адыгеиа уаанӡатәи ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны есымша иазыҟаиҵо адгыларазы, иааирԥшуа агәыҳалалразы.

"Атәылаҿы акоронавирустә инфекциа аизҳара иаҿуп, иаашәышьҭыз аԥара ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аиқәырхараҟны акыр ихәарҭахоит", - иҳәеит ахада.

Ҵыԥх абҵарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва усутә ныҟәарала даныҟаз Ҳазреҭ Совмен диԥылеит. Убри ашьҭахь иара Аԥсныҟа иааишьҭит 50 миллион мааҭ акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: